Виетнамтәи аибашьра
From Wikipedia, the free encyclopedia
Виетнамтәи аибашьра – ари аибашьра XX ашәышықәсазы зегьы иреиҳаз арратә конфликтқәа рахь иаҵанакуеит. Уи ашьҭақәа аанажьит аҭоурых ҿыци акультуреи рҟны. Ари аибашьра х-хәҭакны иушар алшоит: апартизантә еибашьра Аладатәи Виетнам (1955–1965шш.), Еиду Америкатәи Аштатқәа ари аибашьра аҟны арратә ралахәхара (март 1965–1973 шш.), ахыркәшаратә аамҭа (1973–1975 шш.). Ари аамҭа иалагӡаны атәыла хәыҷы аҟны иҭахеит ԥшь-миллионҩык аҭынч уааԥсыра, миллионки бжаки инарзынаԥшуа аҩганк рҟынтәи асолдаҭцәа.[1]