Аҳәынҭқарԥҳәыс Саватәи
From Wikipedia, the free encyclopedia
Аҳәынҭқарԥҳәыс Са́ватәи хьӡи-ԥшеи змаз, (аур. מלכת שְׁבָא, Малка́т Шва́, аџьам. ملكة سبأ, Малика́т Са́ба, ажәытәӡ.ефиоп.ንግሥተ ሳባ, Ниги́ста Са́ба), X ашә.ҳ.ҟ. — аравиатәи аҳра Саба (Шеба) иахагылаз, Иерусалим аҳәынҭқар Соломон даниҭааз атәы Абиблиаҟны иаҳәоит.
Ари аҳәынҭқарԥҳәыс лыхьӡ Абиблиаҟны иарбаӡам. Еиҳа ихьшәоу араб текстқәа рыҟны Балкис (Билкис, европ. — Балкида) ҳәа лыхьӡ аарԥшуп, ефиопиатәи алегьендақәа рыҟны — Македа[1], европатәи алитератураҟны, Иосиф Флави инаишьҭырххны, иуԥылоит Никаула ахьӡ (урыс. Никавлиа). Англыз бызшәала иҩу амассатә культураҟны лтәыла ахьӡ Шеба, зны-зынла агха ҟаҵаны, хатәы хьыӡны хархәара ахьамоу ыҟоуп.
Аҳәынҭқарԥҳәыс аҭоурых аҟны лыҟазаара шьақәырӷәӷәаӡам, аха уи лхаҿсахьа Европа, Аҩадатәи Африка, Ааигәатәи Мрагылара ажәларқәа аӡәырҩы рфольклори рлитературеи акырӡа анырра рнаҭеит.